Ахада Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. “Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш. Зеиӷьыҟам ари аҧхын ныҳәа ҳарҭ иаҳгәаланаршәоит ҳхәыҷқәа рҿаҧхьа иҳаду аҭакҧхықәра, даҽзныкгьы урҭ ҧхьаҟатәи рҧеиҧш ҳазнархәыцуеит. Еизҳауа абиҧара адгылара рыҭара, ганрацәала рыхӡыӡаара акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқарра ауснагӡатәқәа ируакуп. Иахьа, ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа. Ахшара рааӡара аҭаацәара ду аҟны акыр аџьабаа зцу усуп, аха убри аан насыҧ дууп илаша-лашо рхаҿқәа анубо, раҧхьатәи рықәҿиарақәа ирыцу агәырҕьара анрыцеиҩушо. Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, ахирра, ҳтәыла иқәынхо ахәыҷкәа зегьы насыҧла иҭәызааит, ирыгымзааит агәеизҳара”.

Источник : ПРЕЗИДЕНТ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ

Поделитесь с друзьями

Добавить комментарий

Ваш адрес email не будет опубликован.