Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит Администрациа анапхгареи аусбарҭақәа реиҳабацәеи алархәны

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Администрациа Анапхгареи аусбарҭақәа реиҳабацәеи алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Ҳазҭоу амчыбжь азы аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥысыз аусуратә ныҟәара далацәажәоит, ара араионтә администрациақәа рнапхгаҩцәа 2022 шықәсазы 6 мыз рыҩныҵҟа имҩаԥыргаз аусуразы аҳасабырба ҟарҵоит. Абри анаҩс, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциа ду мҩаԥигоит. Апресс-конференциаҟны аҳәынҭқарра Ахада Ҭаҭарсҭани Башкорҭасҭани Ареспубликақәа рахь иусуратә ныҟәара аихшьалақәа ртәы далацәажәоит. Абри ашьҭахь Ахада АИХ ахаҭарнакцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵоит, ҳазҭоу ашықәс актәи ашықәсбжа аихшьала азиуеит. …